Аԥсны

Аԥсуа драматә театр аспектакль "Агәхыхҩы" аԥхьахә ҷыда анашьан афестиваль "Туганлык" аҟны

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аԥсуа драматә театр аспектакль "Агәхыхҩы" аԥхьахә ҷыда "Аурыс классика азхьаԥшразы" анашьан Амилаҭтә театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль "Туганлык" аҟны, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Башкортосҭан акультура аминистр Амина Шафикова аԥсуа театр актиорцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит, акультура ахырхарҭала ареспубликақәа русеицура еиҳагьы аҽарҭбаап ҳәа агәыӷра аалырԥшит.
Аԥсуа драматә театр аԥҵан 1931 шықәсазы. 1967 шықәсазы атеатр Самсон Ҷанба ихьӡ ахҵан.
"Туганлык" — амилаҭтә театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль ауп. Иара 1991 шықәса раахыс Уфа имҩаԥысуеит.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолокәуа Аԥсуа театр Башкортосҭанҟа ацара иазкны