Аԥсны

Атуристә аалыҵ аԥҵара иалацәажәахоит Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аилатәараҟны

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Атуристә аалыҵ аԥҵара иалацәажәараны иҟоуп Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәараҟны, абри атәы ТАСС азеиҭеиҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.
"Аԥсни Ҟрым акурортқәеи мшынла реимадара азҿлымҳара аиуеит. Аԥснынтәи ауааԥсыра мшынла иааны Ҟрым аҭыԥԥшӡарақәа: Керчь, Иалта, Севастополь рбар рылшоит, иара убас Ҟрымынтәи мшынла Аԥсныҟа ицалар ҟалоит. Ари азҵаара аус адаҳулоит", — иҳәеит Мурадов.
Аԥсны
Ҟрыми Аԥсни аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥгахоит ҭагалан 2024 шықәсазы
Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥгахоит ҭагалан 2024 шықәсазы, Аҟәа.
Уаҟа иалацәажәоит Аԥснынтәи Ҟрымҟа атауарқәа ргареи Ҟрымынтәи Аԥсныҟа аалыҵқәа раагареи.
2016 шықәсазы Ареспублика Ҟрыми Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.
Аԥсны
Бжьаниеи Мурадови Аԥсни Ҟрыми русеицура атәы иалацәажәеит