Аԥсны

"Аҟәараҿы ахаҳә змоуз иеиԥш": аиҿырԥшратә шьҭынгыла “еиԥш” зцыло ажәаԥҟақәа

Аиҿырԥшратә шьҭынгыла “еиԥш” зцыло ажәаԥҟақәа жәпакы ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Амилаҭ знысыз амҩа, рбызшәа, рдырра ирхылҿиааит ажәаԥҟақәа. Аԥсуа бызшәа жәаԥҟала еинҭәылоуп, рхархәара ҟаимаҭуп, иуҭаху ажәа сахьаркны аарԥшраҿы алшара урҭоит.

"Ажәаԥҟа ԥҟароуп, убри ауп уи иҳанаҳәо, ахьыршәыгә иаҩызоуп, акы узацҵом, акы узагырхом, ажәакьаҿла исахьаркны аду аҳәоит. Ажәаԥҟақәа рҟны еизыркәкәаны иҟоуп ажәлар рҟәышра, рыхшыҩ ду, ҵҩа змам рыԥсҭазаара, рҭоурыхтә ԥышәа. Урҭ амилаҭтә культуреи, аҟазареи, аҭоурыхи рзы ибаҟа дууп", - иҩуан аҵарауаҩ нага Шьалуа Инал-иԥа.

Аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа реилазаара иалукаар улшоит аиҿырԥшратә шьҭынгыла "еиԥш" зцыло ажәаԥҟақәа.
Ҳрызхьаԥшып еидкылоу аҿырԥштәқәеи урҭ рҵакқәеи:
Абга скуеит ҳәа абна зырхуаз иеиԥш.
Аус армаӷьырма, ишахәҭам, ишалымҵуа знапы азыркуа ауаҩы ихҳәаауп ажәаԥҟа.
Аӷаргьы абеиа иеиԥш дииуеит.
Ауаа зегьы аԥсабара еиԥшны иқәнагалоит, еиԥшны ииуеит. Урҭ малла, зинла, социалтә ҭагылазаашьала реиҟарамра нас ауп ианыҟало.
Аӡы иҭарыжьыз сшәырбааӡеит иҳәон еиԥш.
Азалымдара ззыруз, ахынҭа-ҩынҭара иақәдыршәаз, еиҳа ихадамыз, иаҳа акгьы зҵазымкуаз аус акәын дзызгәаауаз.
Кәасҭхала абамба зырцәоз иеиԥш.
Ауаҩы ашәарҭара данҭагыло ииуа-ииҳәо данақәымшәалак, иҟаҵатәу анизымдырлак, абас рҳәоит.
Ӡызлан аӡы дазыршьуаз иеиԥш.
Ауаҩы ибзианы иидыруа, дзызҟазоу аус аҿы уиацлабыр, уимоу сииааиуеит ҳәагьы уалагар, абас рҳәоит.
Акаҵа нсырҵәоит ҳәа зыҩны амца ацразҵаз иеиԥш.
Ауадаҩра зыхҟьаз цқьа еилымкааӡакәа аҭыԥ иқәысҵоит ҳәа иалагаз, аха еиҳагьы иԥхасҭазтәуа изҳәоу ажәаԥҟоуп. Азӷәаҭа (акаҵа - подкорный клоп).
Аҟәараҿы ахаҳә змоуз иеиԥш / Охәыреи аӷьатама змоуз иеиԥш.
Ари ажәаԥҟа ак иамариам, ак иаманшәалам ауаҩы изкуп. Уи дахьнеилакгьы дзышьҭоу егьа ирацәазаргьы аԥшаашьа дақәшәаӡом. Азгәаҭа (Охәыреи – Очамчыра араион иаҵанакуа қыҭоуп. Уа жәытәаахыс абна бзиа амоуп рҳәоит).
"Амшә ашьҭа збази ахаҭа збази ҳәа": ахәҭаҷ "ҳәа" ала ихыркәшоу ажәаԥҟақәа
Алеиԥш кыруа, аҳ иеиԥш уча.
Акрызуа, аџьабаа збо иифо-иижәуа иоуеит, иԥсҭазаара бзиахоит.
Амшын ахьӡ зхашҭыз иеиԥш.
Ауаҩы ибзианы иидыруа, дзышьцылоу, иахьеи уахеи иибо акы ахьӡ анихашҭлак, абас рҳәоит.
Ахаҳә иагәыдлаз акәтаӷь еиԥш.
Ауаҩы дыззымиааиуа дизыҵҟьар, илымшо, дҭазырхо аус иҽазикыр, абас рҳәоит.
Зхаҵа изгәааны зхәыҷқәа зыпҟаз леиԥш.
Аӡәы изгәаан акгьы зхараӡам, зегьы реиҳа изааигәоу даниацәҳауа, даниқәымчуа, абас рҳәоит.
Ацә атәыҩа сыриашоит ҳәа ахы хызҵәаз иеиԥш.
Иҟаҵатәым, иахәҭам зҽазызкыз, насгьы убри иахҟьаны ус бзиак, ус дук ԥхасҭазтәыз, ибжьызхыз изкуп ажәаԥҟа.
Цәгьа нагӡа шыҟам еиԥш, бзиа нагӡагьы ыҟам.
Ауаҩы иԥсҭазаараҿы ацәгьагьы абзиагьы иԥеиԥшуп, уи зегьы дрықәгәыӷуазароуп, дырзыԥшызароуп.
Аҽада иақәтәаны аҭәа зырхуаз иеиԥш.
Аус ишахәҭоу еиԥш нап азмыркуа, иҵоурам ауаҩы изы ирҳәоит.
"Сҩыза лзынгьы ласахак" зҳәаз леиԥш.
Уара ухазы узҳәо азмырхакәа, даҽаӡәы изгьы акы уанаҳәалак, абас рҳәоит.
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа
Аџьма гыды аӡы ианҭаԥшы, "макьана сҿазаап" аҳәеит еиԥш.
Ауаҩы ихахәы камԥсазаргьы, иԥаҵа мышларгьы, ақәра ду имазар, дшажәыз идыруазар ауп. Зықәра зфахьоу, аха зхы ззымдыруа ауаа ирзынархоу ажәаԥҟоуп. Азгәаҭа (аџьма гыды - безрогая коза).
Ԥсҳәы амала ицаны иааз иеиԥш.
Уск аҵыхәала џьара ирышьҭыз ауаҩы дыззырышьҭыз еилымкааӡакәа данаауа абас рҳәоит. Ажәаԥҟа сиужетс иазышьҭоуп абри ахҭыс: зны аҳ имаҵуҩы уаҵәы Ԥсҳәы усышьҭуеит аказы ҳәа иеиҳәеит. Амаҵуҩы аҳ игәы иахәоит иҳәан, аухаҵәҟьа дзызцоз еилымкааӡакәа амҩа дықәлеит.