Акурорттә аамҭазы амедицинатә усбарҭақәа иахьынӡазхиоу русура, ирыгу-ирыбзоу аилкааразы Агәабзиарахьчара аминистрраҟны аилацәажәара мҩаԥигеит аминистр Едуард Быҭәба. Ауадаҩра хадақәа ируакуп акадрқәа разымхара. Аԥсныи Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа рнапхгаҩцәа реицәажәарақәа ирылҵшәаны лаҵарамза анҵәамҭазы Аԥсныҟа иаауеит аурыс ҳақьымцәа. Убас ала аԥхын аамҭазы аҳақьымцәа разымхара азҵаара ӡбахароуп.
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иаҳа инарҭбааны дырзааҭгылеит излацәажәаз азҵаарақәа, убасгьы илҳәеит аҳҭнықалақь аҟны аԥсшьаҩцәа раара аамҭа рышҽазыҟарҵо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.