Аԥсны

Едуард Быҭәба "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
Аусԥҟа инапы аҵаҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Агәабзиарахьчара аҿиареи, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аиӷьтәразы илагалақәа рзы "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа ахьӡ ихҵазааит Быҭәба Едуард Валериан-иԥа", — ҳәа азгәаҭоуп Аусԥҟаҟны.