Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит лаҵара 29 рзы

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит лаҵара 29 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Арҽеиратә усурақәа инарымаданы аӡыржәтә аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Аӡы ҟалаӡом: Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, "Колос" иахьаҵанакуеи Ешба имҩадуи рыҟны. Иара убас, аӡы аанкылара рныруеит ақалақь агәаны иҟоу аҩнқәа хыхьтәи аихагылақәа.