Аԥсны

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дыргәаладыршәеит Џьгьарда ақыҭан

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дыргәалаиршәеит Џьгьарда ақыҭан, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ацеремониа рхы аладырхәит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аминистрцәа реилазаара рхаҭарнакцәа, адепутатцәа.
Сергеи Багаԥшь Аҧсны ахадас далхын 2004 шықәсазы, деиҭалхын 2009 шықәсазы. Иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵара 29 рзы, 63 шықәса дшырҭагылаз.