Аԥсны

Аҳәаанырцәтәи атәанчахәқәа змоуа Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәқәа иацҵахоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аҳәаанырцәтәи атәанчахәқәа змоуа Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәқәа иацҵахоит.
Аминистрцәа реилазаара есымзатәи ашәарацҵақәа рзы ақәҵара аднакылеит:
қәралатәи атәанчаҩцәа — 3500 мааҭ;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа — 3500 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа "Жәлар…", "Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ…" змоу атәанчаҩцәа — 3000 мааҭ; адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа — 3000 мааҭ;
дныҟәызго дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәара рыцԥхьаӡа) — 3000 мааҭ;
ҭынха дызмам — 3000 мааҭ;
аџьа аинвалидцәа (І, ІІ, III агәыԥқәа) — 3500 мааҭ;
иизар иинвалиду (16 шықәсанӡа, I, II агәыԥқәа) — 2000 мааҭ;
асоциалтә тәанчахәы зауа(қәралеи хымхәаралеи), — 2950 мааҭ.