Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара апрограмма "Анхарҭа 2023-2025" анагӡаразы аҳасабырба аднакылеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара ахықәкытә программа "Анхарҭа 2023-2025" анагӡаразы аҳасабырба аднакылеит.
Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы арзаҳал ҿыцқәа 95 рзынашьҭын, 103 ирыхәаԥшит, иаадкыланы 60 млн рыхә 67 рзаҳаал иақәшаҳаҭхеит. Апрограмма аус ауеижьҭеи аусбарҭа иадҵаалахьеит 400-ҩык.
Зынӡа ахархәаразы иазыԥхьагәаҭоуп 180 миллион мааҭ — 60-60 миллион мааҭ хышықәса рыҩнуҵҟа.