Аԥсны

Аԥсны АШәМ уаанӡатәи аусзуҩ дҭахеит арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аԥсны АШәМ уаанӡатәи аусзуҩ Даур Хмелиов дҭахеит Арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа инапынҵақәа рынагӡараан.
"Аԥсныпресс" амаҵзура адыррала 35-шықәса зхыҵуаз Хмелиов диит Ленинград. Урыстәыла Арбџьармчқәа рахь иԥхьаанӡа Москва дынхон. Аԥсны АШәМ аҟны иусураан изныкымкәа инапхгара рыҽхәаԥхьыӡ даԥсахахьан.
Аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуаз иара арота деиҳабын, ҩынтә Агәымшәараз аорден ианашьараз ихьӡ рҳәахьан.
Хмелиов иҭынхеит ҩыџьа ахшара.