Аԥсны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рхаԥыцчаԥаразы ирырҭо аԥара иацҵахоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рхаԥыцчаԥаразы 150-150 нызқьмааҭ рырҭалоит.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аибашьра аинвалидцәа асоциалтә дгылара рыҭара ауснагӡатәқәа рзы Аԥҟареи асоциалтә цхыраара аҟаҵашьеи аԥсахрақәа аларгалеит.
Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иажәақәа рыла, уаанӡа ирырҭоз 100-100 нызқьмааҭ ракәын, ацҵара алыршахеит 2024 шықәсазы аинвалидцәа рфонд абиуџьет аҟны иҟаҵаз азгәаҭарала.
Есышықәса ахаԥыцчаԥараз аусбарҭа иадҵаалоит 300-ҩык рҟынӡа аибашьра аинвалидцәа. Ирыҭахо ацхыраагӡа азыҳәа ҟазҵаз хышықәса рыҩнуҵҟа хәҭа-хәҭалагьы еихишар ҟалоит.