Аԥсны

Хыԥхьаӡара рацәала аметадон имырхит Маҷара инхо ауаҩԥсы

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Хыԥхьаӡара рацәала аметадон имырхит Маҷара инхо Артур Аведиан.

Иара данеимырдаауаз идырбалеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа згәылаз 13 еилаҳәара. Иара убас, аҽа хԥа рыԥшааит уаанӡа, Ԥшьаԥ ақыҭаҿ ишьҭеиҵахьазгьы. Иааидкыланы 10 граммк имхуп.

Иаанкылоу ишеиҭеиҳәаз ала, иара Аԥсны аметадон аларҵәаразы Шәача амаӡаҵәахырҭаҟны иоуит. "Иусура" ахә ахыршәаауан анаркотикқәа рыла.
Ашьауӷатә ус хацыркуп закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәара, рымазаара, раларҵәара рзы. Аведиан дырбаандаҩуп.