Аԥсны

ВДНХ аҿы Аԥсны иазку апавилион аргылара хыркәшахар алшоит ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. ВДНХ аҿы Аԥсны иазку апавилион аргылара хыркәшахоит ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакра Sputnik ишазеиҭанаҳәаз ала, Жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵа (ВДНХ) ахыбра аҿаԥшыларҭеи ахыби зегьы ԥсахуп, ҳаамҭазтәи ашәарҭадартә ԥҟарақәа рзы аусурақәа мҩаԥгоуп.
Аҭоурыхтә ҩычарақәа зегьы шьақәыргылоуп, апанорама декоративтә витражқәа рсаркьаҭасақәагь ԥсахуп.
ВДНХ аҿы Аԥсны иазку апавилион аиҭашьақәыргылара хацыркын 2017 шықәсазы Москва аиҳабыра рфинанстә цхыраарала.
Апавилион ыҟоуп "Ажәларқәа реиҩызара" аӡыршә азааигәара, иара ианнакыло аҭыԥ 1 200 метра ԥшьаркца иҟоуп.