Аԥсны

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш есышықәса еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рыҟны иазгәарҭоит рашәара аказы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Дарбан хәыҷызаалак игәцаракра, изинқәа рыхьчара — иарбан тәылазаалак аҟны ихадоу зҵаароуп", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, аҭаацәа аҭакԥхықәра ду шрыду ахәыҷы иааӡаразы, иҳәеит ишхадоу иахьа еиҵагыло абиԥара ииашан реиҵааӡара.