Аԥсны

Ҩыџьа ауааԥсыра аахақәа роуит амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны

Ааха зауз рҭагылазаашьа бааԥсны Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭахь инагоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 Sputnik. Ареспубликатә мҩаду хада, Мҷышьҭа иахьаҵанакуа иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа аахақәа роуит. Абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Амашьына аԥсҟы зкыз зықәра намӡац, амаланыҟәа иақәтәаз дисит.
Амҩатә машәыр иақәшәаз рыҩџьагь рҭагылазаашьа бааԥсны Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭахь инагоуп. Иҟалаз аилкааразы аҭыԥахь инеит аусҭҵааратә гәыԥ.
Аԥсны
Ԥшьымз рыҩнуҵҟа 16 миллион мааҭ ахараԥса ылхуп амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы