Аԥсны

Аԥснытәи астудентка лфильм акинофестиваль "Золотой Витязь" аҟны аҳамҭа иаԥсахеит

XXXIII акинофестиваль "Золотой Витязь" мҩаԥысит лаҵара 22-29 рзы Омсктәи аобласт аҟны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 Sputnik. Аԥснытәи астудентка Меген Ҭарԥҳа лфильм аҳамҭа иаԥсахеит Омск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Золотой Витязь" аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Москва иҟоу аԥсуа диаспора.

Ҭарԥҳа Герасимов ихьӡ зху акинематографиа Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара лҵоит. Лара лҭыхымҭа "Путь" иреиӷьу ҳәа иалкаахеит "Дебютные и студенческие фильмы" аноминациа аҟны.

Акинофестиваль "Золотой Витязь" есышықәса имҩаԥысуеит 1992 шықәса раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны иддырбахьеит жә-нызқь фильм инареиҳаны.
Аԥсны
Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥхьарбара ҟалоит Ханты-Мансииск афестиваль аҿы