Аԥсны

Аслан Бжьаниа далахәхоит XXVII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум

Sputnik
АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәхоит XXVII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум.
Аԥсуа делегациа иалоуп аенергетикеи атранспорти рзы аминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Кристина Озган, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниаԥҳа.
Иааидкыланы аекономикатә форум иаҭаауеит 45 тәыла рҟынтәи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи аполитикцәеи.
ПМЭФ мҩаԥысуеит рашәарамза 5-8 рзы. Афорум атема хада — "Основа многополярного мира - формирование новых точек роста". Урыстәыла ахада Владимир Путин апленартә сессиаҟны дықәгылоит.