Аԥсны

Аԥсыҭбара зцыз амҩан машәыр ҟалеит Гәдоуҭа араион аҟны

Sputnik
АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Дәрыԥшь ақыҭан инхоз ахаҵа дҭахеит Аҩада Џьырхәа ақыҭан, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Гыцба иажәақәа рыла, Audi аԥсҟы зкыз амҩа дахҟьеит, уи иахҟьаны амашьына ааҳәит. Ахаҵа ааха ӷәӷәақәа иоуит, иԥсҭазаара далҵит.
Амҩан машәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит асааҭ 12:30 рзы. Аҭыԥахь инеит ацхыраара ласы амашьына, АҶА аусзуҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Амилициаа иҟалаз зыхҟьаз ҭырҵаауеит.