Аԥсны

Анқәаби Чачхалиеи еиҭарҳәеит Аҟәа аӡцрыҵмҩангагақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу

Sputnik
Аҟәа аӡцрыҵмҩангагақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит Аҟәатәи "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаби, Ешыра ақыҭан иҟоу аӡцрыҵрыцқьарҭақәа ркомплекс аиҳабы Мирон Чачхалиеи арадио Sputnik аҟны.
Чачхалиа иажәақәа рыла, аӡцрыҵрыцқьарҭақәа ркомплек аус ауеижьҭеи 8 шықәса ҵуеит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит, уаҟа иахәҭоу аԥҟарақәа ирықәнаҟәоит.
Аҟәатәи "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб ицәажәараҿы иазгәеиҭеит урыстәылатәи рколлегацәа ҳтәылаҟны аӡы ахаҭабзиара ангәарҭо даара иџьаршьоит ҳәа.
Анқәаби Чачхалиеи ражәақәа рыла, ирыгу-ирыбзоу рыла реиқәыршәаразы аҳәынҭқарра акала еиҵанархом.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.