Аԥсны

Аԥсны алахәхоит БРИКС ахәмаррақәа аартра

Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны алахәхоит БРИКС ахәмаррақәа аартра.
Аҧсны абираҟ кны атәылақәа рпарад данысуеит ашьапылампыласҩы Ахрик Цәеиба.
"Ҳара арҭ ахәмаррақәа Аолимпиатә хәмаррақәа иаҳзаҩызоуп, 97 тәыла алахәхоит", - абри атәы "Аҧсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа.
БРИКС ахәмаррақәа мҩаԥысуеит Казан ақалақь аҟны рашәара 12-13 рзы. Уаҟа аԥснынтәи иалахәхоит 63-ҩык аспортсменцәа.