Аԥсны

Аԥснынтәи аҵыҵындра аекспорт 40% рыла еиҵахеит

2023 шықәсазы Аԥснынтәи аҳәаа иахыган — 48,7 тонна аҵыҵындра.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥснынтәи аҵыҵындра аекспорт ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 39,5% рыла еиҵахеит ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.
2024 шықәса рашәарамза алагамҭазы атәыла иалыргахьеит 29,5 тонна, 2023 шықәсазы— 48,7.
Аҵыҵындра аус адызуло анаплакыҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа иахьеиҵахаз ауп изыхҟьаз ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.