Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынԥҳа Гагра араион абиуџьет ахарҭәаара иазкны

Хымзтәи аамҭеихша иалагӡаны Гагра араион иаиуз ахашәала, урҭ аԥарақәа ззырхахо атәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Sputnik
Актәи аԥшьбаразы алагалақәа ртәы далацәажәо Гәынԥҳа илҳәеит, иарбаз аплан 113 миллион мааҭ артәон, хаҭалатәи алагала ҟалеит 196 миллион мааҭ, уи 173% артәеит.
Убри аан, лара иазгәалҭеит аныхырҭақәагьы шырацәоу. 162 миллион мааҭ азгәаҭан аргыларатә, аиҭашьақәыргыларатә, акапиталтә усурақәа рзы. Урҭ раан еиҳарак азҿлымҳара рымоуп асоциалтә хыбрақәа, иара убас аибашьра ашьҭахь иқьаԥҭаны иаанхаз анхарҭақәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.