Аԥсны

Гәдоуҭа ахәҭак ӡыда иҟоуп аӡымҩангага ааха иаиуз иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 Sputnik. Гәдоуҭа ахәҭак ӡыда иаанхеит Ҭасраҟәа аҳаблаҿы аӡымҩангага хада ааха ахьаиуз иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит араионтә "Ӡыршьҭраҿы".
Аиҭашьақәыргылаҩцәа ахаша аухаахыс аус руеит. Аусурақәа хыркәшахараны иҟоуп аԥшьаша ахәылбыҽха.