Аԥсны

АҶА: Аԥснытәи аплиажқәа амшынҭалартә аамҭа иазхиаӡам

Sputnik апресс-центраҿы имҩаԥысит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа ипресс-конференциа ахәаша, рашәара 7 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 Sputnik. Аҟәа инаркны Гагранӡа амшынҭалартә аамҭа иазыхиоу қалақьк ыҟаӡам ҳәа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы иҳәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны аплиажқәа раарҭра аламҭалазы араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, аплиажқәа иахьрыҵанакуа ахатәы ргыларақәа змоу рыԥшәмацәа, ируалуп:
Амшын аҟны иҟазароуп аҳәаа аӡсараз азин ахьынӡаҟоу, ихҵатәуп аӡҳәаарбагақәа;
иргылатәуп аиқәырхарҭатә ҭыԥқәа;
адыргатә шьаҟақәа арстәуп;
зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы атехникатә ҭыԥ хкаатәуп;
амшын аҵа гәаҭатәуп, ирыцқьатәуп.
Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи араионқәа рыҟны аҽыкәабаратә аамҭа аартын рашәара 1 азы, Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рыҟны иаартхоит рашәара 10 рзы.