Аԥсны

Аслан Бжьаниа: Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусурақәа мҩаԥыргоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусурақәа мҩаԥыргоит иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум - 2024 аҿы РИА Новости аинтервиу аҭо.
Иара иазгәеиҭеит аԥхыни цәыббрамзеи рзы аԥсуа-аурыс ҳәаа уаҳа налымшо аус шауа.
"Аха агәыӷра сымоуп мышкы зны ҳҳәааҿы аушьҭырҭа анықәгахо аизыҟазаашьақәа рҟынӡа ҳнеип ҳәа. Аҳәаа нхоит, аха аушьҭырҭа аҭаххом", — ҳәа инациҵеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа далахәуп XXVII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум, иара мҩаԥысуеит рашәара 5-8 рзы.
Автомашьынақәа ргәаҭара аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" акурорт аамҭазы иамоу ахьанҭара аантә еизҳауеит.
Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, аԥхын аԥсшьарамшқәа раан аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуеит 11 нызқь инареиҳаны амашьынақәеи 60 нызқьҩык ауааԥсыреи аҩ-хырхарҭак рыла иахысуеит.