Аԥсны

Ахәыҷқәа ирзырхоу ашәҟәы "Аԥсны аҳәса хьӡырҳәагақәа" ӡыргоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 Sputnik. Ахәыҷқәа ирзырхоу ашәҟәы "Аԥсны аҳәса хьӡырҳәагақәа" ӡырган.
Ашәҟәы еиднакылоит инагоу 12-ҩык Аԥснытәи аҳәса хьӡырҳәагақәа: Гәырандыхәт Аԥснытәи, Сариа Лакоба, Нели Ешба, Саида Гәынба, Мери Аҩӡба, Ҭамара Гыцба, Марина Ешба, Нелли Ҭарба, Кериман Ебжьноу, Мери Шервашиӡе-Ачба, Ҭамара Шьаҟрыл, Минадора Зыхәба рҭоурыхқәа.
Ашәҟәы авторцәа акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аиҳабы Хьыбла Возԥҳа, Аԥсны аҳәынҭқарратә универститет аполитологиа акафедра арҵаҩы, арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Ирина Турааԥҳа.