Аԥсны

Аԥсны аекономика иалало урыстәылатәи аинвестициақәа ирзыԥшуп иҳәеит Бжьаниа

Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 Sputnik. Аԥсны аекономика иалало урыстәылатәи аинвестициақәа — ҳҳәынҭқаррақәа русеицура ахырхарҭақәа ираԥхьагылоуп иҳәеит Аслан Бжьаниа, Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.
"Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа зегьы рҟны ҳусеицура ҳарҭбаауеит, урҭ рҟны ихадаратәу акакәны иҟоуп — аԥсуа економика иалало урыстәылатәи хаҭалатәи аинвестициақәа", — иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҽарҭбаауеит, амилаҭтә закәанԥҵарақәа реишьашәалара иаҿуп иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа рымоуп, аха убри аан иҟаҵатәугьы рацәоуп иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии зеиԥш ҵакыра аиҿкаараз Апрограмма шьақәырӷәӷәан Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь абҵарамза 2020 шықәсазы. 2021 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа иарбаз ауснагӡатәқәа 45 рҟынтәи 27 нагӡоуп.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҽарҭбаауеит