Аԥсны

Аԥсны аԥхьагылара аиур алшоит сынтәа иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала иҳәеит Бжьаниа

Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 Sputnik. Сынтәа Аԥсны иаҭаауа урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала ҳтәыла аԥхьагылара аиур алшоит, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа, Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.
Бжьаниа иажәақәа рыла, ҵыԥх ареспублика аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит
Атуризм аминистрра заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥхынтәи амзақәа рзы Аԥсныҟа иаар ҟалоит 1,15 миллионҩык атуристцәа, урҭ рҟынтәи 40% — Шәачантәи мышкы ҳәа иаауа аԥсшьаҩцәа роуп.