Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҽарҭбаауеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҽарҭбаауеит, амилаҭтә закәанԥҵарақәа реишьашәалара иаҿуп, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа, Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.
Ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа рымоуп, аха убри аан иҟаҵатәугьы рацәоуп иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии зеиԥш ҵакыра аиҿкаараз Апрограмма шьақәырӷәӷәан Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь абҵарамза 2020 шықәсазы. 2021 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа иарбаз ауснагӡатәқәа 45 рҟынтәи 27 нагӡоуп.
Аԥсны
Аԥсны аԥхьагылара аиур алшоит сынтәа иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала иҳәеит Бжьаниа