Аԥсны

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум хыркәшоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 Sputnik. Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны 980 еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, дара ф-триллион мааҭк иартәоит, абри атәы рҳәеит афорум аиҿкааҩцәа.
Сынтә афорум иаҭааит 95 тәыла рхаҭарнакцәа. Зынӡа афорум иалахәын 21,3 нызқьҩык 139 тәыла рҟынтәи.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Аԥсуа делегациа иалан аенергетикеи атранспорти рзы аминистр Џьансыхә Нанб, аекономика аминистр Кристина Озган, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҽарҭбаауеит