Аԥсны

Аҟәа ақалақь хәҭақәак рҟны ауааԥсыра амшцәгьа аԥхасҭа рынаҭеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 Sputnik. Аҟәа ақалақь хәҭақәак рҟны ауааԥсыра аӡы рыҵалеит илеиз ақәа иахҟьаны.
Амшцәгьа аԥхасҭа рынаҭеит Каштак инхо ауааԥсыра, аҩнқәа аӡы рыҩналеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аԥшацәгьа иахҟьаны абылтәыҭаҭәарҭа аԥхьа аҵлақәа каҳаит. Уажәазы дара ықәгоуп, амҩақәа аартуп.