Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Очамчыра-220" аусура еиԥҟьеит амшцәгьа иахҟьаны.
Лашарада иаанхеит астанциаеиҵақәа "Аҟәа-1", "Aҟәа-2", Аҟәа араион агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи, иара убас Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа.
"Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа аҭыҧ аҟны аус руеит.