Аԥсны

Аԥснытәи аделегациа алахәын Жәларбжьаратәи аҿартә економикатә форум

Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 Sputnik. Аԥснытәи аделегациа алахәын Жәларбжьаратәи аҿартә економикатә форум ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Ауснагӡатә мҩаԥысуан Петербургтәи XXVII Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Традициатәла аҿартә форум мҩаԥысуеит Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҵыхәтәантәи амш азы. Аҿар злацәажәоз азҵаарақәа еиуеиԥшым — IT инаркны атуризм аҟынӡа. Ажәахәқәа рыманы иқәгылон арҭ ахырхарҭақәа рҟны аԥышәа ду змоу аҟазауаа.