Аԥсны

Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәа ргеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 Sputnik. Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәа ргеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Беслан Аԥҳазаа иҽы- Осман Абан 1600 метра иҩуаз рыбжьара Аԥхынтәи аԥхьахә ду иаԥсахеит.
Ахра Ашәба иҽы - Марискаль 1200 метра иҩуаз рыбжьара "араӡны" агеит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы аҽы - Колхида Терск 1800 метра иҩуаз рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.