Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа онлаинла аилацәажәара мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Салагаи авидео-конференц-еимадарала аилацәажәара мҩаԥыргеит.
Иззаҭгылаз азҵаарақәа иреиуоуп:
Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны амедусбарҭақәа руак азы ангиограф аахәара азҵаара;
ареспубликаҿы ВИЧ-инфекциа алаҵәара армаҷразы Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа русеицура;
Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларала имҩаԥысуа рзеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкаара апрограмма анагӡара;
зда ԥсыхәа ыҟам акрызҵазкуа ахәшәқәа рсиа иахьатәи аамҭа иақәшәо аҟаҵара;
зда ԥсыхәа ыҟам акрызҵазкуа ахәшәқәа рсиа иалоу ахәшәқәа рыхәԥса ашьақәыргылареи урҭ ҵаҵӷәыс ирымоу ашьақәыргылареи аԥҟара.
"Аконференциа алҵшәа бзиа аманы имҩаԥысит, иҟоуп иахьа иаҳаӡбыз азҵаарақә, иҟоуп иҵегь аус здулатәу азҵаарақәагьы", - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.