Аԥсны

Ԥхынгәы 6 рзы Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 Sputnik. Ԥхынгәы 6 рзы Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит. Аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба аныҳәа аҽазыҟаҵаразы адҵа инапы аҵаҩит.
Ишьақәырӷәӷәоуп аныҳәа аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи рзы аиҿкааратә еилакы аилазаара.
Аиҿкааратә еилакы иадҵоуп мчыбжьык ашьҭахь ақалақьзегьтәи аусмҩаԥгатә ауснагӡа рхианы инанагарц.
Ҵыԥх Ақалақь амш азгәарҭеит ԥхынгәы 8 рзы.