Аԥсны

Аԥсны АдәАР ақьафурҭақәа рҳа "Вкусно и точка" ахада ииҳәаз ахҳәаа ҟанаҵеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақьафурҭақәа рҳа "Вкусно и точка" ахада Олег Пароев Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа ииҳәаз ахҳәаа арҭеит.
Аминистрраҟны иигәаладыршәоит, Аԥсны — Урыстәыла иазханаҵаз, исуверентәу ҳәынҭқарроуп ҳәа.
"Зыӡбахә ҳәоу аилахәыра иамазар ауа акоммерциатәи азинтәи ԥкрақәа ҳастратегиатә ҩыза Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала ииашам, имҽыӷу ацәажәарақәа рзы шьаҭас иҟамлароуп", — ҳәа ануп АдәАР аҳәамҭаҿы.
Уаанӡа Олег Пароев РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәахьан, Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа изларԥхьаӡо ала "аибарххарақәа ҟамларц" азы "Вкусно и точка" араҟа аартра мап шацәикуа азы.