Аԥсны

Аҟәа ӡыда иҟазаауеит рашәарамза 14 рзы

Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аҟәа ӡыда иҟазаауеит рашәарамза 14 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аканализациатә коллектор аҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит.
Асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа аӡыржә аанкылахоит Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, "Колос" иахьаҵанакуа, авокзал, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи.