Аԥсны

Аԥсны ААР-и Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи имҩаԥысраны иҟоу араунд иалацәажәеит

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 25-26 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ин.н. Одиссеи Бигәаа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит.
Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәеит ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи хырҩа рыҭареи рзы Амеханизм аусура ахацыркра, иара убас ԥкрада аныҟәарақәа ирыдҳәалоу агуманитартә зҵаарақәа.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса ажьырныҳәамза аахыс.