Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟны аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟны аиԥыларақәа мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Антон Ваинои, уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки еиԥылеит.
Аиԥылараҟны иазааҭгылеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиашьа.