Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе аԥхын азы Аҟәа арыцқьаратәи аиҿкааратәи усурақәа ртәы

Sputnik
Иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟаз амшцәгьа ашьҭахь Аҟәа арыцқьаратә усурақәа хдыркәшахьоума, аԥхын ауаа рыԥсы ахьыршьо аҭыԥқәа реиҿкааразы иҟаҵои, иахьахәҭам агәам карымԥсаларц азы авидеорбагақәа рышьақәыргыларазы аус ахьынӡанагоу, аҳҭнықалақь ахаҿра арԥшӡаразы, ацқьара ахылаԥшразы амчқәа зибархома атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.