Аԥсны

Иӡыз лӡаатәи аԥҳәыс бырг адрон ахархәарала дрыԥшааит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Иӡыз лӡаатәи аԥҳәыс бырг адрон ахархәарала дрыԥшааит.
75-шықәса зхыҵуа Алла Мелкониан агәхашҭра лымоуп, аха уажәада дмыӡӡацызт ҳәа иҳәеит лԥа Ашот Атамиан.
Рашәара 12 рзы аҩны ддәылҵит рла лыцны, анаҩс дыхнымҳәӡеит. Аԥшаарақәа ирылагеит агәылацәа, аҩызцәа, АҶА-еи амилициеи русзуҩцәа, ақыҭа аусбарҭа. Ианылашьца аилахәыра "аbkhaz аero" аҟынтәи аоператор адрон ала аԥшаарақәа дрылагеит.
Адәаӡаҿ ицәаз аԥҳәыс бырг дырбеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы. Лааигәара иҟаз ала дагьахьчон дагьарԥхон.
Алла Мелкониан ахәшәтәырҭахь днаргеит, лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.