Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа РСЗО ахгәыцәқәа ԥшьба ԥыржәеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа РСЗО ахгәыцәқәа ԥшьба ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 33 карыжьит.
Аруааи артиллериеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла уахыки-ҽнаки икарыжьит УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба. 103 раион рҟны иҭархан арратә техникеи аибашьцәеи.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 613, авертолиотқәа 276, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 25653, азениттә ракетатә комплексқәа 528, атанкқәеи еиуеиԥшым аибашьыга атехникеи 16326, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 10393, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 22505.