Аԥсны

Александр Анқәаби Дмитри Вольвачи еиԥылеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи еиԥылеит.
Аиԥылара иалахәын асоциал-економикатә усеицуразы аԥсуа-аурыс атәылабжьаратә комиссиа алахәылацәа, Урыстәыла аекономҿиара, Аенергетика, Атранспорттә, Агәабзиарахьчара, Аџьа, Аҵарадырра рминистррақәа рхаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Аганқәа алацәажәеит ҩ-тәылак рзакәанқәа реишьашәаларазы апрограмма шынарыгӡо, Аинвестпрограмма, аекономика ахырхарҭаҟны ацхыраара, Аԥсны аенергетика аҭагылазаашьа.
Урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иҟазаауеит рашәарамза 15-нӡа. Дара Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зеиҭашьақәыргылареи зыргылареи ирҿу ахыбрақәа ирҭаауеит, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы иаԥҵоу аусутә гәыԥ аилатәара азгәаҭоуп.