Аԥсны

Аомбудсмен Џьынџьалԥҳа илҳәеит зықәра наӡам аӡӷабцәа рцәаԥҽразы шаҟа шьаус хацырку

Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Зықәра наӡам аӡӷабцәа рцәаԥҽразы 11 шьаус хацыркын 2017 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа, абри атәы лҳәеит Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа.
Ацәгьоуразы ахара зыдҵоу зегьы ҭакуп. Урҭ рахьтә ахара зыдҵаз аӡәы ахара ихыхуп арҵабыргра ахьзалымшази лара аӡӷаб мап ахьылкызи ирыхҟьаны.