Аԥсны

Урыстәылатәи аделегациа Аинвестпрограммала зыргылара иаҿу ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаҭааит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аинвестпрограммала зыргылара иаҿу ахыбрақәа ргәаҭаразы ирҭааит.
Раԥхьаӡа иаҭааит Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа. Х-еихагылак змоу ахыбра ргылахоит хышықәса ирылагӡаны, уаҟа 65 аиара-ҭыԥ ҟалоит. Аус рулоит адиагностикатә, аԥҟаратә, арзҩыдаратә ҟәшақәа, иара убас алабораториа, арентген.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа азааигәара иргылахо амедусҳәарҭа ҿыц иабзоураны иаку амедицинатә кластер аԥҵахоит. Ари апроект 650 млн мааҭ азоужьуп.
Дмитри Вольвач ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭара рхықәкқәа ираԥхьагылоуп ҳәа азгәеиҭеит.
Аԥсны
Александр Анқәаби Дмитри Вольвачи еиԥылеит