Аԥсны

Аҟәатәи аҳаирбагәаза Шәачатәи аҳаирбаӷәаза иақәу ақәыӷәӷәара ахнахуеит иҳәеит Вольвач

Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбагәаза Шәачатәи аҳаирбаӷәаза иақәу ақәыӷәӷәара ахнахуеит иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Аҳауатә еимадара аартра аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳараҿы, аусутә хырхарҭақәа рыҿиараҿы ицхыраагӡахоит иҳәеит иара.
Вольвач иажәақәа рыла, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит аинвестор ихарџьқәа рыла. Урыстәылантәи аԥышәаратә реис ашықәс анҵәамҭазы иазыԥшуп.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа хымш Аԥсны иҟан. Аганқәа аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит, иара убас урыстәылатәи аинвестициатә капитал алахәны инарыгӡо апроектқәа ирҭааны ирбеит.
Аԥсны
Урыстәылатәи аделегациа Аинвестпрограммала зыргылара иаҿу ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаҭааит