Урыстәыла

Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара 2024 шықәсазтәи ашорт-бӷьыц рылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2024 шықәсазтәи ашорт-бӷьыц рылаҳәоуп.
1 / 6
Вид сверху, одиночные
2 / 6
Вид сверху, одиночные
3 / 6
Портрет. Герой нашего времени, серии
4 / 6
Портрет. Герой нашего времени, серии
5 / 6
Моя Планета, одиночные
6 / 6
Портрет. Герой нашего времени, серии
Цәыббрамзазы ирыланаҳәараны иҟоуп Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара иаиааиз, Гран-при занашьахо рыхьӡқәа.
Иреиӷьӡақәаз ралкааразы ажиури ҩ-нызқь усумҭа агәаҭара иахрыжьит.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ, аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.
МИА "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи дҭахеит Украина, 2014 шықәса нанҳәа 6 рзы Донецктәи Жәлар рреспубликаҟны. 2010 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Украина, Сириа, Ливан, Египет, Ҭырқәтәыла, Ливиа, Кыргызсҭан уҳәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Андреи Стенин афотоҭыхымҭақәа ҟаиҵон. Ипрофессионалтә уалԥшьа анагӡараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы ианашьоуп Агәымшәараз амедал.
Урыстәыла
Стенин игәалашәара иазку афотожурналистиказ 2024 шықәсазтәи аицлабра ажиури рыӡбахә ҳәоуп