Урыстәыла

Стенин игәалашәара иазку афотожурналистиказ 2024 шықәсазтәи аицлабра ажиури рыӡбахә ҳәоуп

© Foto / Vladislav Nekrasov/StenincontestРабота "Имаго" российского фотографа Владислава Некрасова. Портрет. Герой нашего времени, одиночная фотография, 1-е место
Работа Имаго российского фотографа Владислава Некрасова. Портрет. Герой нашего времени, одиночная фотография, 1-е место  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2024
Анапаҵаҩра
Традициа ҳасабла аусумҭақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын 22 рзы, 2014 шықәса нанҳәа 6 рзы Донбасс иҭахаз МИА "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин имшира аҽны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Андреи Стенин игәалашәара иазку афотожурналистиказ ажәабатәи аиубилеитә еицлабра ажиури еиднакылоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иреиҳау аԥхьахәқәа, гран-приқәа занашьаз арҿиаҩцәа.

Аҳәаанырцәтәи алахәылацәа - италиаа Данило Гарсиа Ди Меои Габриеле Чекконии, ҭырқәтәылатәи афотожурналистка Шебнем Кошкун, Урыстәыла ахаҭарнакцәа – Алиона Кочетковеи Алексеи Орлови.

"Аҽа џьоукы русумҭақәа рбара еснагь аинтерес аҵоуп. Стенин ихьӡ зху аицлабраҿ еснагь аҩаӡара змоу аҭыхымҭақәа убоит. Сгәыӷуеит сынтәагьы арахь иаашьҭхап ҳәа иухамшҭыша, ухаҿы инхаша аҭоурыхқәа еиҭазҳәо арҿиамҭақәа", - лҳәеит Алиона Кочеткова.
Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабрахь инарышьҭуеит иналукааша аҭыхымҭақәа, ажурналистцәа ҿарацәа рзы жәларбжьаратәи ахьӡ-аԥша ахьуоуша ҭыԥуп ҳәа иазылԥхьаӡоит Шебнем Кошкун. Аицлабра алахәра шьаҿоуп ԥхьаҟатәи ахьӡгаразы.
Церемония объявления Гран-при и победителей конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2023 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2023
Урыстәыла
Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит
Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын 22 рзы, ихыркәшахоит хәажәкыра 15 рзы, аԥхьахәтә фонд иартәоит 125, 100, 75 нызқь мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы. "Гран-при" - 700 000 мааҭ.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи афотожурналистика аконкурс хықәкыс иамоуп аҿар адгылара рыҭареи ауаажәларра ҳаамҭазтәи афотожурналистика ахықәкы разхьарԥшреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0