АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аҟәатәи ахылаԥшратә усбарҭақәеи акоррупциа аҿагыларазы араионтә прокуратурақәеи реимадара ԥсыҽуп, арӷәӷәара аҭахны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит апрокуратура хада.
Ақалақьқәеи араионқәеи рпрокуратурақәа рыҟны анҭыҵтәи агәаҭарақәа мҩаԥысит. Уи иалахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәшақәа, Ашәарҭадаратә маҵзура, аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аиԥыларақәа рыҟны ирылацәажәеит акоррупциа аҿагыларази адгьыли анхарҭеи рхырхарҭала аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауааԥсыреи, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи реизыҟазаашьақәа ртәы.
Иаарԥшын "ахылаԥшратәи аҭыԥынтәи амчратә еиҿкаарақәа рхыдҵақәа реицынамгӡара".
Аилацәажәараҿы иазгәаҭан, аҭыԥқәа рыҟны азакәанԥҵара анагӡара иахылаԥшыша аусбарҭабжьаратә гәыԥ аԥҵра шхымԥадатәиу.